Аҳәынҭминистр лаппарат - Асоветтә ампықазалара аҭоурых аҿы аанхеит, аха Қырҭтәыла Урыстәыла агрессиатә политика аҿагылара уажәгьы иаҿуп
Ашәышықәса раԥхьа ишыҟаз еиԥш, иахьагьы Урыстәыла азин ашьаҭатәи принципқәа еиланагоит, ауаҩытәыҩса ашьаҭатәи изинқәа реилагара нанагҿоит, Европатәи аԥсазарақәеи ахәынаҿарақәеи ррықәхра иашьцылоуп, – иануп Аинаалареи атәылауаҩратә аиҟарареи рызҵаарақәа рзы аҳәынҭминистр лаппарат аланарҵәаз аҳәамҭа аҿы.
Аҳәамҭа аҿы ишану ала, асоветтә ампықазалара аҭоурых аҿы аанхеит, аха Қырҭтәыла Урыстәыла агрессиатә политика аҿагылара уажәгьы иаҿуп.
” Жәабран 25 Қырҭтәыла ампыҵахалара иамшуп. 1921 шықәса жәабран мзазы асоветтә Урыстәылатәи арратә хәҭақәа Қырҭтәыла иажәылеит. 1921 шықәса жәабран 25 рзы, абольшевикцәа рырратә хәҭақәа Қарҭ иалалеит. Қырҭтәыла ахьыҧшымра иазықәҧоз аруаа реиҳара фырхаҵарыла ақәҧараҿы иҭахеит. 1921 шыҩқәсазы Урыстәыла арратә интервенциа иахҟьаны Қырҭтәыла ахьыԥшымреи адемократиеи рымҩала аҿиара алшара ацәыҿит.
Ашәышықәса раԥхьа ишыҟаз еиԥш, иахьагьы Урыстәыла азин ашьаҭатәи принципқәа еиланагоит, ауаҩытәыҩса ашьаҭатәи изинқәа реилагара нанагҿоит, Европатәи аԥсазарақәеи ахәынаҿарақәеи ррықәхра иашьцылоуп. асоветтә ампықазалара аҭоурых аҿы аанхеит, аха Қырҭтәыла Урыстәыла агрессиатә политика аҿагылара уажәгьы иаҿуп,” – иазгәаҭоуп Аинаалареи атәылауаҩратә аиҟарареи рызҵаарақәа рзы аҳәынҭминистр лаппарат аланарҵәаз аҳәамҭа аҿы.