Аҳәынҭдепартамент аҳасабырба - Қырҭтәыла абизнеси аинвестициақәеи рзы иманшәалоу ҭагылазаашьоуп, арегион аҟны Қырҭтәыла иалукаауеит
Қырҭтәыла абизнеси аинвестициақәеи рзы иманшәалоу ҭагылазаашьоуп, арегион аҟны Қырҭтәыла иалукаауеит, – иануп Аҳәынҭдепартамент аҳасабырба 2023 шықәсатәи аинвестициатә ҭагылазаашьа иазку аҳасабырбаҿ.
Аҳасабырбаҿ ишану ала, атранзити алоџьистикеи априоритеттә секторқәоуп, избан акәзар Қырҭтәыла мрагылара-мраҭәашәаратәи ахырхарҭала иазҳаз ахәаахәҭра ахархәара аҭахуп.
“Қырҭтәыла арегионтәи аглобалтәи шокқәа рнырра ду амоуп, 1991 шықәса инаркны иахьанӡа атәылаҿ иҭбаау аекономикатә реформақәа мҩаԥган, иаԥҵан аус зуа иҭышәынтәалоу аџьармыкьатә економика. 2005 шықәса инарны 2022 шықәсанӡа аббжьаратә азҳара атемп хәнаӡына иаҟаран, аглобалтә бизнеси, анапхгараҭареи, акоррупциеи егьырҭ аиндексқәеи ареитингқәеи рҿы Қырҭтәыла апозициақәа иаҳа-иаҳа еиӷьхон.
Қырҭтәыла абизнеси аинвестициақәеи рзы иманшәалоу ҭагылазаашьоуп, арегион аҟны Қырҭтәыла иалукаауеит. Аха аӡбарҭа агәрагара маҷхоит.
Қырҭтәыла аиҳабыра апроблемақәа рҭыԥқәҵара аус рыдулара нанагӡоит, иаанхаз апроблемақәа ирыхәамԥшыкәа Қырҭтәыла арегион аҟны актәи аҭыԥ ааннакылоит. 1994 шықәсазы ЕАШ-и Қырҭтәылеи рнапқәа аҵарҩит ҩганкалатәи аинвестициақәа ирызкәа аиқәшаҳаҭра.
Атранзити алоџьистикеи априоритеттә секторқәоуп, избан акәзар Қырҭтәыла мрагылара-мраҭәашәаратәи ахырхарҭала иазҳаз ахәаахәҭра ахархәара аҭахуп. Бақәа-Қарҭ-Ҟарси реихамҩа иабзоураны Қырҭтәыла атранзиттә перспективақәа иазҳаит, Аиҳабыра ахәаахәҭра арӷәӷәара амҩақәа рыԥшаара иаҿын. Қырҭтәыла Амшын Еиқәаҿ астартегиатә лагылазаашьа акапитализациа ауп хықәкыс амоу“, – иануп аҳасабырба аҿы.