Аҳәынҭқарратә университетқәа рстудентцәа аҳәынҩҭқарратә енергетикатә еилахәырақәа рҿы аԥышәа ахысра рылшоит
Аҳәынҭқарратә университетқәа рстудентцәа аҳәынҩҭқарратә енергетикатә еилахәырақәа рҿы аԥышәа ахысра рылшоит

Қырҭтәылa Аекономикеи ишьaқәгылоу aҿиaреи рминистрраҟны рнапы аҵарҩыз амеморандум инақәыршәаны, аҳәынҭқарратә университетқәа рстудентцәа аҳәынҩҭқарратә енергетикатә еилахәырақәа рҿы аԥышәа ахысра рылшоит, астудентцәа аԥышәахысраан аулафахәыгьы роуеит.

Қырҭтәылa Аекономикеи ишьaқәгылоу aҿиaреи рминистрра аинформациа ала, апрограмма иакзу апрезентациа Қырҭтәыла атехникатә университет аҟны мҩаԥган. Аиԥылара рхы аладырхәит астудентцәеи, Қырҭтәылa Аекономикеи ишьaқәгылоу aҿиaреи рминистрра аенергетиктә политикеи аинвестициатә проектқәеи рдепартамент аиҳабы Џьубо Турашвилии, қырҭтәыла аенергетика аҿиара афонд адиректор Џьаба Хмалаӡе.