Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура ахаҭарнакцәа, аоперациа ҷыда мҩаҧганы, «Исламтәи аҳәынҭқарра» фҩык адгылаҩцәа ааныркылеит
Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура ахаҭарнакцәа, аӡбарҭа ақәҵара ашьаҭала, аоперациа ҷыда мҩаҧганы, «Исламтәи аҳәынҭқарра» фҩык адгылаҩцәа ааныркылеит.
Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура адыррала, аоперациа аамҭакала имҩаҧысуан ҧшь-ҭыҧк рҿы, иаанкылоуп фҩык Қырҭтәыла атәылауаа.
«Аконтртеррористтә центри, Қырҭтәыла апрокуратура хадеи, Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрреи ироуз ашаҳаҭгақәа рыла ишышьақәыргылаз ала, зыӡбахәы ҳәоу ауааҧсыра атеррористтә аиҿкаара «Исламтәи аҳәынҭқарра» алидерцәа руаӡәы иҟны аимадара рыман, иара инапхгарала еиуеиҧшым аҳәынҭқаррақәа рҿы атеррористтә ауранагӡара ргәы иҭан.
Аусеилыргаратә уснагӡатәқәа рҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаҧгаз аимдараан арҭ ауаа ирыдбалоуп атеррористтә символикеи, аелектронтә информациа ахархәагақәеи, аҧжәагақәеи, аусеилыргаразы зҵакы дуу егьырҭ ашаҳаҭгақәеи.
Ашәарҭара ду иазҧхьагәаҭаны, ари аинформациа апартниор-тәылақәа ирыҭан», — иануп Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура аинформациаҿы.