Аҳәынҭқарратә департамет ЕАШ-и Урыстәылеи рыбжьара имҩаԥгаз аиҿцәажәарақәа ирызку адырра аланарҵәеит
Аҳәынҭқарратә департамет ЕАШ-и Урыстәылеи рыбжьара имҩаԥгаз аиҿцәажәарақәа ирызку адырра аланарҵәеит

Аҳәынҭқарратә департамет ЕАШ-и Урыстәылеи рыбжьара Саудтәи Аравиаҿ имҩаԥгаз аиҿцәажәарақәа ирызку адырра аланарҵәеит.

«Ахада Трамп ауаҩшьра аанкылара иҭахуп; ЕАШ аҭынчра аҭахуп,  адунеи аҿы атәылақәа реидкылара аҭахуп. Ахада Трамп адунеи аҿы алидер заҵәык иоуп Украинеи Урыстәылеи ари азҵааразы рырқәшаҳаҭхара зылшо.

Ҳара ҳақәшаҳаҭхеит:

Ҩганкалатәи ҳаизыҟазаашьақәа рҿы иҟоу аԥырхагаратә факторқәа раԥыхреи, иашьашәалоу адипломатиатә миссиақәа ишахәҭоу русзуреи рзы асонсультациатә механизмқәа раԥҵра иазкны.

Украина аимак зыԥшра ҟамҵакуа ахыркәшара амҩа аус адыулара иалаго зыҩаӡара ҳараку агәыԥқәа реиҿкаара иазкны.

Аибашьра ашьҭахь наҟ-наҟтәи аусеицуразы ицәырҵуа ҩганкалатәи  агеополитикатә интересқәа ирызку азҵаарақәеи аҭоурыхтә аекономикатәи аинвестициатәи алшарақәеи аус рыдуларазы ашьаҭа аԥҵара иазкны.

Иахьатәи аиԥылара алахәылацәа ажәа шьҭарҵоит иқәҿиароу алҵшәа аируазы апроцесс аҽалархәра шынарыгӡо“, – иануп Аҳәынҭқарратә департамет аланарҵәаз аинформациа аҿы.