Аҳауатә лышәшәақәа Озургеҭи ауадаҩрақәа ирхылҵит. Аҳауатә лышәшәақәа ирыхҟьаны аӡиасқәа шьҭыҵит, аӡы ашҭақәеи аҩнқәа актәи еихагылақәеи ирҭалеит. Ҭыԥқәак рҿы адгьыл ҳәазеит.
Озургеҭи ахадараҿ аусура хацнаркит ацәаҳәа ҷыда.
„Ақәаршаҩы иахҟьаны Озургеҭи ахадара арежим ҷыдала аусура нанагӡоит. Амобилизациа рзууп амаҵзурақәа зегьы. Аусура хацнаркит ацәаҳәа ҷыда”,-иануп ахадара аланарҵәаз аҳәамҭаҿы.