Аҳауагәаҭаҩцәа рҳәамҭала, иааиуа амшқәа рзы Қырҭтәыла амш цәгьахар ҟалап
Аҳауагәаҭаҩцәа рҳәамҭала, иааиуа амшқәа рзы Қырҭтәыла амш цәгьахар ҟалап

Аҳауагәаҭаҩцәа рдыррақәа рыла, мшаҧы 23 шьыбжьашьҭахь инаркны Мрагыларатә Қырҭтәыла ашьхатә раионқәа рҿы, иара убас, мшаҧы 24 инаркны Мраҭашәаратә Қырҭтәылагьы ақәоуреи, амацәаси, акырцхи иазыҧшуп.

Аҧсабаратә лагылазаара амилаҭтә агентра адыррала, ақәоура амшала аӡиасқәа хыҵыр ауеит. Иара убас, ашьхатә раионқәа рҿы адгьылҳәазаратә процессқәа иалагар ҟалап.