Аҳауагәаҭаҩцәа рдыррақәа рыла, жьҭаара  25-26 рзы Қырҭтәыла мраҭашәараҿ ақәа ауеит,  ашьхатә раионқәак рҿы асы леиуеит
Аҳауагәаҭаҩцәа рдыррақәа рыла, жьҭаара  25-26 рзы Қырҭтәыла мраҭашәараҿ ақәа ауеит,  ашьхатә раионқәак рҿы асы леиуеит

Аҧсабаратә лагылазаара амилаҭтә агентра жьҭаара 25-26 рзы Қырҭтәыла амш зеиҧшрахо азы аинформациа аланарҵәеит.

Аҳауагәаҭаҩцәа рдыррақәа рыла, жьҭаара  25-26 рзы Қырҭтәыла мраҭашәараҿ ақәа ауеит,  ашьхатә раионқәак рҿы асы леиуеит.

«Алышәшәақәа рымшала Мраҭашәаратә Қырҭтәыла аӡисқәа хыҵыр ауеит, ашьхатә раионқәа рҿы адгьылҳәазаратә процессқәа ралагара ашәарҭара ҟалоит», — иануп Аҧсабаратә лагылазаара амилаҭтә агентра аинформациаҿы.