Аҳауагәаҭаҩцәа рдыррақәа рыла, ҧхынгәы 21-нӡа Қырҭтәыла регионқәак рҿы  ақәа ауеит, ҭыҧқәак рҿы акырцхи аҧша цәгьеи иазыҧшуп
Аҳауагәаҭаҩцәа рдыррақәа рыла, ҧхынгәы 21-нӡа Қырҭтәыла регионқәак рҿы  ақәа ауеит, ҭыҧқәак рҿы акырцхи аҧша цәгьеи иазыҧшуп

Аҧсабаратә лагылазаара ахьчара амилаҭтә агентра ҧхынгәы 21-нӡа Қырҭтәыла амш зеиҧшрахо азы аинформациа аланарҵәеит.

Аҳауагәаҭаҩцәа рдыррақәа рыла, ҧхынгәы 21-нӡа Қырҭтәыла регионқәак рҿы  ақәа ауеит.

Қарҭ +32, +34 градус шоурахоит.

Аҟәара иаҧну араионқәа рҿы (Баҭым, Кобулеҭи, Анаклиа, Ҧоҭ):  ҧхынгәы 16-17 рзы амш бзиахоит, ҧхынгәы  18 рзы ақәа ауеит. Шьыбжьон  ​​+27, +29 градус шоурахоит.

Кахеҭи (Сагареџьо, Ҭелави, Гурџьаани, Сиҕнахи, Лагодехи, Ҟварели, Ахмеҭа, Дедоҧлисцҟаро): ҭыҧқәак рҿы ақәа леиуеит.  Акырцхи аҧшацәгьеи иазыҧшуп. Шьыбжьон  +33, +35 градус шоурахоит.

.