Аҳауагәаҭаҩцәа рдыррақәа рыла, ҧхынгәы 19-нӡа Қырҭтәыла регионқәак рҿы  ақәа ауеит, ҭыҧқәак рҿы акырцхи аҧша цәгьеи иазыҧшуп
Аҳауагәаҭаҩцәа рдыррақәа рыла, ҧхынгәы 19-нӡа Қырҭтәыла регионқәак рҿы  ақәа ауеит, ҭыҧқәак рҿы акырцхи аҧша цәгьеи иазыҧшуп

Аҧсабаратә лагылазаара ахьчара амилаҭтә агентра ҧхынгәы 19-нӡа Қырҭтәыла амш зеиҧшрахо азы аинформациа аланарҵәеит.

Аҳауагәаҭаҩцәа рдыррақәа рыла, ҧхынгәы 19-нӡа Қырҭтәыла регионқәак рҿы  ақәа ауеит. Шьыбжьон  +34, +36 градус шоурахоит.

Аҟәара иаҧну араионқәа рҿы (Баҭым, Кобулеҭи, Анаклиа, Ҧоҭ):  ҧхынгәы 16-17 рзы амш бзиахоит, ҧхынгәы  18 рзы ақәа ауеит. Шьыбжьон  +29, +31 градус шоурахоит.

Кахеҭи (Сагареџьо, Ҭелави, Гурџьаани, Сиҕнахи, Лагодехи, Ҟварели, Ахмеҭа, Дедоҧлисцҟаро): ҭыҧқәак рҿы ақәа леиуеит.  Акырцхи аҧшацәгьеи иазыҧшуп. Шьыбжьон  +34, +36 градус шоурахоит.