Аҳауагәаҭаҩцәа рдыррақәа рыла, ҧхынгәы 14-нӡа Қырҭтәыла регионқәак рҿы аамҭакьаҿла ақәоуреи, акырцхи, аҧшцәа ҕәҕәеи иазыҧшуп
Аҳауагәаҭаҩцәа рдыррақәа рыла, ҧхынгәы 14-нӡа Қырҭтәыла регионқәак рҿы аамҭакьаҿла ақәоуреи, акырцхи, аҧшцәа ҕәҕәеи иазыҧшуп

Аҧсабаратә лагылазаара ахьчара амилаҭтә агентра ҧхынгәы 11-13 рзы Қырҭтәыла амш зеиҧшрахо иазкны аинформациа аланарҵәеит.

Аҳауагәаҭаҩцәа рдыррақәа рыла, ҧхынгәы 14-нӡа Қырҭтәыла регионқәак рҿы аамҭакьаҿла ақәоуреи, акырцхи, аҧшцәа ҕәҕәеи иазыҧшуп.

Қарҭ алышәшәақәа леиуам. Шьыбжьон аҳауа атемпература шьҭыҵуеит   +35, +37 градус аҟынӡа.

Аҟәара иаҧну ақалақьқәа рҿы  (Баҭым, Кобулеҭи, Анаклиа, Пуҧ) алышәшәақәа леиуам. Шьыбжьон  +28, +30 градус шоурахоит.

Кахеҭи арегионаҿ аамҭакьаҿла ақәа ауеит. Уаҟа акырцхи аҧша ҕәәҕеи иазыҧшуп. Шьыбжьон аҳауа атемпература шьҭыҵуеит  +35, +37 градус аҟынӡа.