Аҳауагәаҭаҩцәа рдыррақәа рыла, лаҵара 21 инаркны Қырҭтәыла  аҳауа атемпература шьҭыҵуеит, раионқәак рҿы аамҭакьаҿла ақәа ауеит
Аҳауагәаҭаҩцәа рдыррақәа рыла, лаҵара 21 инаркны Қырҭтәыла  аҳауа атемпература шьҭыҵуеит, раионқәак рҿы аамҭакьаҿла ақәа ауеит

Аҧсабаратә лагылазаара амилаҭт агентра  лаҵара  21-23 рзы Қырҭтәыла амш зеиҧшрахо азы аинформациа аланарҵәеит.

Аҳауагәаҭаҩцәа рдыррақәа рыла, лаҵара 21 инаркны Мраҭашәаратә Қырҭтәыла  аҳауа атемпература шьҭыҵуеит +26, +31  градус аҟынӡа, Мрагыларатә Қырҭтәыла +22, +27  градус ҟалоит.  Атемпература шыҳаракхогьы,  раионқәак рҿы аамҭакьаҿла ақәа ауеит.

Қарҭ шьыбжьон +23, +25 градус ҟалоит.

Амшын аҟәара иаҧну арегионқәа рҿы алышәшәақәа леиуам, аҳауа атемпература шьҭыҵуеит  ​​+25, +27 градус аҟынӡа.