Аҳауагәаҭаҩцәа рдыррақәа рыла, абҵара 15-нӡа мраҭашәаратә Қырҭтәыла аҳауатә лышәшәақәа ҟалом, мрагыларатә Қырҭтәыла абҵара 13 рзы аамҭа-аамҭала ақәа леиуеит
Аҳауагәаҭаҩцәа рдыррақәа рыла, абҵара 15-нӡа мраҭашәаратә Қырҭтәыла аҳауатә лышәшәақәа ҟалом, мрагыларатә Қырҭтәыла абҵара 13 рзы аамҭа-аамҭала ақәа леиуеит

Аҳауагәаҭаҩцәа рдыррақәа рыла, абҵара 15-нӡа мраҭашәаратә Қырҭтәыла аҳауатә лышәшәақәа ҟалом, мрагыларатә Қырҭтәыла абҵара 13 рзы аамҭа-аамҭала ақәа леиуеит.

Аҳауагәаҭаҩцәа ишаарыцҳаз ала, абҵара 12-рзы Қарҭ аҳауатә лышәшәақәа ҟалом. Аҳауа аԥхарра ҽынла +16, +18, абҵара 13 рзы аамҭа-аамҭала ақәа леир ҟалап. Абҵара 13-14 рзы аҳауа аԥхара ҽынла  +12, +14 градус иаҟарахоит.

Амшын Еиқәа араионқәа рҿы (Баҭым, Қобулеҭи, Анаклиа, Ԥуҭ): аҳауатә лышәшәақәа ҟалом. Аҳауа аԥхарра ҽынла +18, +20 градус иаҟарахоит.

Кахеҭи (Сагареџьо, Ҭелави, Гурџьаани, Сиӷнаӷи, Лагодехи, Ҟварели, Ахмета, Дедоԥлисҵҟаро)  абҵара 12-и 14-и рзы аҳауатә лышәшәақәа ҟалом, абҵара 13 рзы ақәалеир ҟалап. Аҳауа аԥхарра абҵара 12 рзы  +16, +18 градус иаҟарахоит, абҵара 13-14 рзы –  +12, +14 градус .