Аҳауагәаҭаҩцәа Қырҭтәыла амш ацәгьахара иазкны ауааԥсыра агәҽанҵара рырҭоит
Аҳауагәаҭаҩцәа Қырҭтәыла амш ацәгьахара иазкны ауааԥсыра агәҽанҵара рырҭоит

Аҳауагәаҭаҩцәа Қырҭтәыла амш ацәгьахара иазкны ауааԥсыра агәҽанҵара рырҭоит.

Аԥсабаразы амилаҭтә агентра аинформациа ала, жьҭаара 14 шьыбжьышьҭахь, Аҷареи, Гуриеи Имереҭии рҿы аҳауатә лышәшәақәа ҟалоит, џьара-џьара адыди-амацәыси, акырцхи ҟалоит, аԥша ӷәӷәа асуеит.

Агентра аҟынтә ишааарыцҳаз ала, алышәшәақәа рымшала аӡиасқәа хыҵыр ауеит, ашьхараҿ адгьылҳәазаратә процессқәа иалагар ауеит (ашәарҭа аҩаӡара – абжьаратә), аҩар леиуеит.