Аҳауагәаҭаҩцәа ишаарыцҳаз, мшаԥы 29-30 рзы Қырҭтәыла амш цәгьахоит
Аҳауагәаҭаҩцәа ишаарыцҳаз, мшаԥы 29-30 рзы Қырҭтәыла амш цәгьахоит

Аԥсабара амилаҭтә агентра аинформациа ала, мшаԥы 29-30 рзы Қырҭтәыла амш цәгьахоит, ақәа леиуеит, аԥша ӷәӷәа асуеит, адыди амацәыси ҟалоит, амшын аҿы 3-4 баллк иаҟароу ашторм ҟалоит.

Аҳауагәаҭаҩцәа ишаарыцҳаз,  ақәоура амшала аӡиасқәа хыҵыр ауеит. Иара убас, ашьхатә раионқәа рҿы адгьылҳәазаратә процессқәа иалагар ҟалап.