Аҳауагәаҭаҩцәа ишаарыцҳаз ала, уаҵәы Қырҭтәыла ақәа леиуеит, ашьхараҿ - асы,аԥша ӷәӷәа, амшын аҿы 2-3-баллк иаҟароу ашторм ҟалоит
Аԥсабара амилаҭтә агентра аинформациа ала, абҵара 24 рзы Қырҭтәыла ақәа леиуеит, адыди-мацәыси ҟалиот, ашьхараҿ – асы (атәыла мраҭашәаратәи ахәҭаҿы), аԥша ӷәӷәа асуеит, амшын аҿы 2-3 баллк иаҟароу ашторм ҟалоит.
Аҳауагәаҭаҩцәа ишаарыцҳаз ала, абҵара 25-26- рзы мраҭашәаратәи Қырҭтәыла амш еилгоит, мрагыларатәи амш шәшьуеит.