Аҳауагәаҭаҩцәа ишаарыцҳаз ала, рашәара 22-нӡа Қырҭтәыла аамҭа-аамҭала ақәа леиуеит, адыди амацәыси ҟалоит
Аԥсабаразы амилаҭтә агентра Қырҭтәыла амш зеиԥшрахо аанацҳауеит.
Аҳауагәаҭаҩцәа ишаарыцҳаз ала, рашәара 20 инаркны 22-нӡа Қырҭтәыла аамҭа-аамҭала ақәа леиуеит, адыди амацәыси, акырцхи ҟалоит, аԥша ӷәӷәа асуеит.
Агентра аҟынтә ишааарыцҳаз ала, алышәшәақәа рымшала аӡиасқәа хыҵыр ауеит, ашьхараҿ адгьылҳәазаратә процессқәа иалагар ауеит, аҩар леиуеит.