Аҳауагәаҭаҩцәа ишаарыцҳаз ала, нанҳәа 23-26 рзы ашоура афон аҿы, Қырҭтәыла ақәа, акырцх, аԥша ҟалоит
Аԥсабаразы амилаҭтә агентра ԥхынгәы 23-26 рзы амш зеиԥшрахо аинформациа аланарҵәоит.
Аҳауагәаҭаҩцәа ишаарыцҳаз ала, ашоура афон аҿы, Қырҭтәыла ақәа, акырцх, аԥша ҟалоит.
Қарҭ аамҭа-аамҭала аҳауатә лышәшәақәа ҟалоит, аԥша ӷәӷәахоит. Аҳауа аԥхарра ҽынла +34, +36 градус иаҟарахоит.
Амшын Еиқәа араионқәа рҿы (Баҭым, Қобулеҭи, Анаклиа, Ԥуҭ): аамҭа-аамҭала аҳауатә лышәшәақәа ҟалоит. Аҳауа аԥхарра ҽынла +29, +31 градус иаҟарахоит.
Кахеҭи (Сагареџьо, Ҭелави, Гурџьаани, Сиӷнаӷи, Лагодехи, Ҟварели, Ахмета, Дедоԥлисҵҟаро) амцашоура афон аҿы ақәеи акырцхи леир ҟалап. Аҳауа аԥхарра ҽынла +34, +36 градус иаҟарахоит.
Мрагыларатә Қырҭтәыла ашьхараҿ (Ахалқалақи, Ҵалка, Бакуриани, Гудаури, Омало): аамҭа-аамҭала ақәеи акырцхи леир ҟалап. Аҳауа аԥхарра ҽынла +25, +27 градус иаҟарахоит.