Аҳауагәаҭаҩцәа ишаарыцҳаз ала, мшаԥы 23-25 рзы мраҭашәаратә Қырҭтәыла аҳауатә лышәшәақәа ҟалом, аҳауа аԥхарра 38 градус иаҟарахар ҟалап
Аҳауагәаҭаҩцәа ишаарыцҳаз ала, мшаԥы 23-25 рзы мраҭашәаратә Қырҭтәыла аҳауатә лышәшәақәа ҟалом, мшаԥы 25 рзы аԥша ӷәӷәа асыр ҟалап, аҳауа аԥхарра +38 градус иаҟарахар ҟалап.
Мрагыларатә Қырҭтәыла раионқәак рҿы иԥхаррахоит, аха аамҭа-аамҭала ақәеи акырцхи леир ҟалап, мшаԥы 25 рзы аҳауатә лышәшәақәа ҟалом.
Қарҭ аҳауатә лышәшәақәа ҟалом. Аҳауа аԥхарра ҽынла +28, +30 градус иаҟарахоит.
Амшын Еиқәа араионқәа рҿы (Баҭым, Қобулеҭи, Анаклиа, Ԥуҭ) аҳауатә лышәшәақәа ҟалом, мшаԥы 25 рзы аҳауа аԥхарра ҽынла +34, +36 градус иаҟарахоит.
Кахеҭи (Сагареџьо, Ҭелави, Гурџьаани, Сиӷнаӷи, Лагодехи, Ҟварели, Ахмета, Дедоԥлисҵҟаро) мшаԥы 23-24 рзы аамҭа-аамҭала ақәеи акырцхи леир ҟалап, мшаԥы 25 рзы аҳауатә лышәшәақәа ҟалом. Аҳауа аԥхарра ҽынла +30, +32 градус иаҟарахоит.
Мрагыларатә Қырҭтәыла ашьхараҿ (Ахалқалақи, Ҵалка, Бакуриани, Гудаури, Омало):мшаԥы 23-24 рзы аамҭа-аамҭала ақәа леир ҟалап, мшаԥы 25 рзы аҳауатә лышәшәақәа ҟалом. Аҳауа аԥхарра ҽынла +21, +23 градус иаҟарахоит.