Аҳауагәаҭаҩцәа ишаарыцҳаз ала, лаҵара 7-нӡа Қырҭтәыла аҳауатә лышәшәақәа ҟалоит
Аҳауагәаҭаҩцәа ишаарыцҳаз ала, лаҵара 6 инаркны 7-нӡа Қырҭтәыла аҳауатә лышәшәақәа ҟалоит, мрагыларатә Қырҭтәыла ашьхараҿ асы леир ҟалап.
„Алышәшәақәа рымшала аӡиасқәа хыҵыр ауеит, ашьхараҿ адгьылҳәазаратә процессқәа иалагар ауеит, аҩар леиуеит. Ашьхаҳаракыратә регионқәа рҿы асыҧса ашәарҭара цәырҵуеит, убри аҟынтә амҩатә цыҧҵәахақәак рҿы аҧкрақәа шьықәдыргылоит“, – иануп Аҧсабаратә лагылазаара амилаҭтә агентра аинформациаҿы.