Аҳауагәаҭаҩцәа ишаарыцҳаз ала, лаҵара 21-нӡа Қырҭтәыла аҳауатә лышәшәақәа ҟалоит
Аҳауагәаҭаҩцәа ишаарыцҳаз ала, лаҵара 21-нӡа Қырҭтәыла аҳауатә лышәшәақәа ҟалоит
Аԥсабаразы амилаҭтә агентра лаҵара 18-20 рзы амш зеиԥшрахо адырра аланарҵәеит.

Аҳауагәаҭаҩцәа ишаарыцҳаз ала, лаҵара 21-нӡа Қырҭтәыла ихьшәшәарахоит. Қарҭ лаҵара 18 рзы аҳауатә лышәшәақәа ҟалом, лаҵара 19-20 рзы ақәа леир ҟалап. Аҳауа аԥхарра +19, +21 градус иаҟарахоит.

Амшын Еиқәа араионқәа рҿы (Баҭым, Қобулеҭи, Анаклиа, Ԥуҭ)  аҳауатә лышәшәақәа ҟалом, Аҳауа аԥхарра ҽынла +21, +23 градус иаҟарахоит.

Кахеҭи (Сагареџьо, Ҭелави, Гурџьаани, Сиӷнаӷи, Лагодехи, Ҟварели, Ахмета, Дедоԥлисҵҟаро)  аамҭа-аамҭала ақәеи акырцхи леир ҟалап. Аҳауа аԥхарра ҽынла +16, +18 градус иаҟарахоит.

Мрагыларатә Қырҭтәыла ашьхараҿ (Ахалқалақи, Ҵалка, Бакуриани, Гудаури, Омало):  аамҭа-аамҭала ақәа леир ҟалап. Аҳауа аԥхарра ҽынла +11, +13 градус иаҟарахоит.