Аҳауагәаҭаҩцәа ишаарыцҳаз ала, лаҵара 12-13 рзы Қырҭтәыла акырцх ҟалоит, ақәа леиуеит, ҭыԥқәак рҟны ақәаршҩы ахь ииасуеит, адыд-мацәыс ацны
Аҳауагәаҭаҩцәа ишаарыцҳаз ала, лаҵара 12-13 рзы Қырҭтәыла акырцх ҟалоит, ақәа леиуеит, ҭыԥқәак рҟны ақәаршҩы ахь ииасуеит, адыд-мацәыс ацны

Аҧсабаратә лагылазаара амилаҭтә агентра лаҵара 12-13 рзы Қырҭтәыла амш зеиԥшрахо аинформациа аланарҵәеит.

Аҳауагәаҭаҩцәа ишаарыцҳаз ала, лаҵара 12-13 рзы Қырҭтәыла акырцз ҟалоит, ақәа леиуеит, ҭыԥқәак рҟны ақәаршҩы ахь ииасуеит, адыд-мацәыс ацны.

„Алышәшәақәа рымшала аӡиасқәа хыҵыр ауеит, ашьхараҿ адгьылҳәазаратә процессқәа иалагар ауеит, аҩар леиуеит. Ашьхаҳаракыратә регионқәа рҿы асыҧса ашәарҭара цәырҵуеит, убри аҟынтә амҩатә цыҧҵәахақәак рҿы аҧкрақәа шьықәдыргылоит“, – иануп Аҧсабаратә лагылазаара амилаҭтә агентра аинформациаҿы.