Аҳауагәаҭаҩцәа рдыррақәа рыла, ҧхынгәы 13-нӡа Қырҭтәыла регионқәак рҿы ақәеи, акырцхи, аҧша ҕәҕәеи иазыҧшуп
Аҧсабаратә лагылазаара амилаҭтә агентра Қырҭтәыла регионқәак рҿы амш зеиҧшрахо азы аинформациа аланарҵәеит.
Аҳауагәаҭаҩцәа рдыррақәа рыла, ҧхынгәы 13-нӡа Раҷа-Лечхумии, Аладатәи Шәантәылеи, Самцхе-Џьавахеҭии, Шида Қарҭлии арегионқәа рҿы ақәеи, акырцхи, аҧша ҕәҕәеи иазыҧшуп.
Алышәшәақәа рымшала аӡиас хәыҷқәа хыҵыр ауеит, ашьхатә раионқәа рҿы адгьылҳәазара ашәарҭара ҟалоит.