Аҳауагәаҭаҩцәа ишаарыцҳаз ала, жәабран 4-6 рзы Қырҭтәыла аамҭа-аамҭала ақәа леиуеит, аԥша ҟалоит
Аҳауагәаҭаҩцәа ишаарыцҳаз ала, жәабран 4-6 рзы Қырҭтәыла аамҭа-аамҭала ақәа леиуеит, аԥша ҟалоит

Аԥсабаразы амилаҭтә агентра жәабран 4-6 рзы амш зеиԥшрахо аинформациа аланарҵәоит.

Аҳауагәаҭаҩцәа ишаарыцҳаз ала, жәабран 4 рзы Қарҭ аамҭа-аамҭала аҳауатә лышәшәақәа ҟалом, шьыбжьышьҭахь аԥша ӷәӷә асуеит. Жәабран 5-6 рзы ақәа леиуеит. Аҳауа аԥхарра ҽынла +8, +10  градус иаҟарахоит.

Амшын Еиқәа араионқәа рҿы (Баҭым, Қобулеҭи, Анаклиа, Ԥуҭ): аҳауатә лышәшәақәа ҟалоит. Аҳауа аԥхарра ҽынла  +7, +9 градус иаҟарахоит.

Кахеҭи (Сагареџьо, Ҭелави, Гурџьаани, Сиӷнаӷи, Лагодехи, Ҟварели, Ахмета, Дедоԥлисҵҟаро) џьара-џьара аҳауатә лышәшәақәа ҟалоит. Аҳауа аԥхарра ҽынла +7, +9  градус иаҟарахоит.

Мрагыларатә Қырҭтәыла ашьхараҿ (Ахалқалақи, Ҵалка, Бакуриани, Гудаури, Омало):  аҳауатә лышәшәақәа ҟалоит, асы леир ҟлап. Аҳауа аԥхарра ҽынла  0, -2  градус иаҟарахоит.