Аҳауагәаҭаҩцәа ишаарыцҳауаала, абҵара 25 инаркны Қырҭтәыла ихьшәашәарахоит, аҳауатә лышәшәақәа ҟалоит
Аԥсабаразы амилаҭтә агентра амш зеиԥшрахо аинформациа аланарҵәеит.
Агентра аинформациа ала, абҵара 24 рзы мраҭашәаратә Қырҭтәыла ихьшәашәрахоит, ақәа леиуеит, адыди амацәыси ҟалоит, амшын аҿы 4-6 баллк амч змауа ашторм, ашьхаҿ – асы.
Аҳауагәаҭаҩцәа рдыррақәа рыла, аҳауатә лышәшәақәа рымшала, аӡиасқәа хыҵыр ауеит, ашьхатә регионқәа рҿы адгьылҳәазаратә процессқәа иалагар ҟалап.
Абҵара 26-28 рзы Қырҭтәыла ихьшәашәрахоит, ақәа леиуеит, адыди амацәыси ҟалоит, амшын аҿы 4-6 баллк амч змауа ашторм, ашьхаҿ – асы.