Аҳақьымцәа рҳәамҭала, Мзиа Амаҕлобели амлашьра аҟәыҵра мап лкит, убри аҟынтә, аклиникаҿ даангыланы, аҽыхәшәтра налыгӡароуп
Жәлар рыхьчаҩ еиҿикааз аҳақьымцәа ргәыҧ аклиника «Вивамед» ашҟа инеины, «Баҭумелебии» «Нетгазеҭи» рышьҭаҭакҩы Мзиа Амаҕлобели дырбеит.
Аклиника ианҭыҵуаз агасроентеролог Гьаргь Гвилиа ишиҳәаз ала, аҳақьымцәа Мзиа Амаҕлобели аклиникаҿ даанхароуп ҳәа ргәы иаанагоит.
«Амлашьра алҵшәа цәгьа ахылымҵырц азыҳәан иаҭаху зегьы ҟарҵоит. Уажәазы хар лымамкәа дыҟоуп, уи аклиникеи аҳақьымцәа иаамҭаны илзымҩаҧырго ахәышәтәреи иабзоуразар ҟалап. Аха, ари аҭагылазаашьа ахатә аҳәаа амоуп. Лҭагылазаашьа аҽаҧсахыр ауеит», — иҳәеит Гьаргь Гвилиа.
Иара иажәақәа рыла, Мзиа Амаҕлобели амлашьра даҟәымҵыр, акризис аныҟало аҳәара уадаҩуп.