Аҳаирбаҕәазақәа реидгыла – Авизадатә режим ианалагоҵәҟьа инаркны, Қарҭи идуӡӡоу китаитәи ақалақьқәеи рыбжьара ишиашао аимадара аиқәыршәара азҵаара иахәаҧшуеит
Қыртәыла Аҳаирбаҕәазақәа реидгыла агенералтә директор директор Иракли Қарқашаӡе China Southern Airlines аҭыҧантәи анапхгара дырҧылеит.
Аганқәа рхаҭарнакцәа аҧхынтәи анавигациатә сезон азы аҽазыҟаҵара иалацәажәан, Қитаии Қырҭтәылеи рыбжьара апассаџьырцәа реизырҳара иацхрааша астратегиазы еиқәшаҳаҭхеит.
Аиҧылараҿы ишазгәаҭаз ала, хара имгакәа Қырҭтәыла атәылауаа рзы амч аиуеит Китаи аҟны авизадатә режим. Авизадатә режим ианалагоҵәҟьа инаркны, Қарҭи идуӡӡоу китаитәи ақалақьқәеи рыбжьара ишиашао аимадара аиқәыршәара азҵаара иахәаҧшуеит.
2023 шықәсазы Қырҭтәыла иаҭааит 48 304ҩык китаитәи асасцәа, урҭ рхыҧхьаӡара 2022 шықәсазы иҟаз арбага аасҭа 555%-ла еиҳауп. 2023 шықәсазы China Southern Airlines ала Қырҭтәыла иаҭааит 31 258ҩык апассаџьырцәа.