Аҳаирбаӷәазақәа реидҵара - Ажьырныҳәазы Қәтешьтәи аҳаирбаӷәазаҿ апассаџьырцәа реикәшара 70% рыла иазҳаит, ареисқәа 87% еиҭашьақәгылоуп
Аҳаирбаӷәазақәа реидҵара - Ажьырныҳәазы Қәтешьтәи аҳаирбаӷәазаҿ апассаџьырцәа реикәшара 70% рыла иазҳаит, ареисқәа 87% еиҭашьақәгылоуп

Аҳаирбаӷәазақәа реидҵара аинформациа ала, 2022 шықәса ажьырныҳәазы, 2019 шықәса иашьашәалоу апериод еиҿҳарԥшыр, Давид Аргылаҩ ихьӡ зху Қәтешьтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәазаҿ апассаџьырцәа реикәшара 70% рыла иазҳаитю

Аҳаирбаӷәазақәа реидҵара аинформациа адыррақәа рыла, 2022 шықәса ажьырныҳәазы  Қәтешьтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза иаҭааит 39 049 -ҩык апассаџьырцәа (2019 шықәса ажьырныҳәазы – 55895-ҩык).

Иара убас, Аҳаирбаӷәазақәа реидҵара аҟынтә ишаарыцҳаз ала,  ареисқәа 87% еиҭашьақәгылоуп. Сынтәа инагӡан 164 реисқәа (2019 шықәса ажьырныҳәазы – 188 ареисқәа).