Аҳәаатә сектор «Вале» Ахалцихтәи аусбарҭа аҵакыраҿ имҩаҧган  «Қырҭтәыла-Ҭырқәтәылатәи аҳәаатә хәҭақәа ирзеиҧшу азыҟаҵарақәа  – 2025»
Аҳәаатә сектор «Вале» Ахалцихтәи аусбарҭа аҵакыраҿ имҩаҧган  «Қырҭтәыла-Ҭырқәтәылатәи аҳәаатә хәҭақәа ирзеиҧшу азыҟаҵарақәа  – 2025»

Аҳәаатә сектор «Вале» Ахалцихтәи аусбарҭа аҵакыраҿ имҩаҧган  «Қырҭтәыла-Ҭырқәтәылатәи аҳәаатә хәҭақәа ирзеиҧшу азыҟаҵарақәа  – 2025».

Аҳәаатә полициа аинформациа инақәыршәаны,  азеиҧш азыҟаҵарақәа хықәкыс ирымоуп адгьылтә аҳәаа ахьчара иадҳәаланы аҧышәа аиҭныҧсахлареи  аҳәаа ашәарҭадара аиқәыршәара иазку  аусеицура аеффективра аиҕьтәреи.

Аихшьаала аусмҩаҧгатә аҿы азыҟаҵарақәа рылахәылацәа рҿаҧхьа дықәгылеит Қырҭтәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра Аҳәаатә полициа аиҳабы актәи ихаҭыҧуаҩ Гьаргь Гурешиӡе.

«Абри аҩыза азыҟаҵарақәа еиҿкаау ацәгьауреи, азакәандаратә миграциеи,  анаркотикқәеи, абџьари, ахимиатәи, абиологиатәи, аиадертәи маҭәахәқәеи закәандарала реикәшареи, атерроризми, аҳәынҭқарратә аҳәааҿы иҟалар зылшо егьырҭ ацәгьаурақәеи  ҳарҿагыланы еицымҩаҧааго ақәҧара арҕәҕәара иацхраауеит», — иҳәеит аполковник Гьаргь Гурешиӡе.

Азеиҧш азыҟаҵарақәа мҩаҧган Ҭырқәтәылеи Қырҭтәылеи ҩ-ганктәи русеицура аплан аҳәаақәа ирҭагӡаны. Абарҭ азыҟаҵарақәа ҩышықәса рзы знык имҩаҧысуеит.