Аҳәаатә полициа хаҭарнакцәа 10 кьыла иреиҳаны "героин" рыԥшааит, иаанкылоуп ҩыџьа атәым тәылауаа

Қырҭтәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра иаҵанакуа Аҳәаатә полициа хаҭарнакцәа аҳәаатә сектор “Вахтангиси” ахҵәахаҿ имҩаԥыргаз аоперативтә-аԥшааратә уснагӡатәқәа раан, иааныркылеит Азербаиџьан ҩыџьа атәылауаа  – 1998 шықәсазы ииз У.Т.-и 1989 шықәсазы ииз Е.М.-и.

Аусҳәарҭа аинформациа ала, урҭ аҳәаа аилагареи ирацәаны анаркотикатә маҭәашьар аҵәахра-аахәареи, аиагареи ирхарарҵоит.

Ари ацәгьауразы иазыԥхьагәаҭоуп 15 шықәса инаркны 20 шықәсанӡа аҭакра.