Аҳәаа закәандарала ахысразы Михаил Саакашвили ԥшьышықәсеи фымзи аҭакра иқәҵоуп, егьырҭ аусқәа рзы инеизакны жәаҩа шықәсеи фымзи аҭакра иқәырҵеит
Қырҭтәи ақалақьтә аӡбарҭа Қырҭтәыла аҳәынҭқарратә ҳәаа закәандарала ахысразы ԥасатәи ахада Михаил Саакашвили ахара иқәнаҵеит. Саакашвили ԥшьышықәсеи фымзи аҭакра иқәырҵеит, егьырҭ аусқәа рзы инеизакны жәаҩа шықәсеи фымзи аҭакра иқәырҵеит.
Аӡбамҭа идикылеит аӡбаҩ Михаил Џьинџьолиа.
Қырҭтәыла ԥасатәи ахада Михаил Саакашвили аҳәаа закәандарала ахысразы АҩАР аусуҩцәа 2021 шықәса жьҭаара 1 азы дааныркылеит.
Хәажәкыра 12 рзы аӡбарҭа абиуџьеттә аҧара аныхра аус азы Қырҭтәыла ахҧатәи ахада Михаил Саакашвили 9 шықәса аҭакра иқәырҵеит.