Аҳҭнықалақь аԥсаҵла хадеи аиллиуминациақәеи ԥхынҷкәын 10 рзы идырлашоит
“Ҭбилсервисгруп” аҳҭнықалақь аҿы Ашықәс ҿыцтәи аиллиуминациақәа рмонтаж нанагӡоит. Қарҭ ахадара апрессмаҵзура аинформациа ала, уажәы амонтаж мҩаԥыргоит Ахьыԥшымра ашҭеи Ареспублика ашҭеи рыбжьара, Русҭавели амҩаду аҿы. Аусурақәа шымҩаԥысуа гәеиҭеит Қарҭ ахада Каха Калаӡе.
Калаӡе иажәақәа рыла, аҳҭнықалақь аԥсаҵла хадеи аиллиуминациақәеи ԥхынҷкәын 10 рзы идырлашоит. Аныҳәамшқәа рзы Ашықәс ҿыцтәи ақыҭа дыргылоит, уа асасцәа аланарԥшырақәа рацәаны рыдгалахоит.
Арлашагақәа рмонтаж абҵара 30, асааҭ 00:00-07:00-нӡа́ нагӡахоит. Ари аамҭазы Русҭавели амҩаду ари ацыԥҵәахаҿ автотранспорт аиҭаҵра аанкылахоит.