Аҳҭнықалақь аҧсаҵла хада дырлашоит  ҧхынҷкәын 14 рзы
Аҳҭнықалақь аҧсаҵла хада дырлашоит  ҧхынҷкәын 14 рзы

Русҭавели имҩадуаҿ аҳҭнықалақь аҧсаҵла хада дырлашоит  ҧхынҷкәын 14 асааҭ  19:00 рзы. Авидеоааҧхьараҿы ари атәы ааицҳаит Қарҭ ахада Каха Калаӡе.

Иара убас, Қарҭ ахада ишиҳәаз ала, хара имгакәа Русҭавели имҩадуаҿ аиллиуминациақәа рышьақәыргылара иалагоит.

«Асабшаз, ҧхынҷкәын 14 рзы, аҳҭнықалақь аҧсаҵла хада дырлашоит, ақалақь зехьынџьара, етапла, аныҳәатә иллиуминациа адыркуеит. Қарҭ, наҟ-наҟгьы, зегьы реиҳа иҧшӡоу, алакәтә қалақьны иҟазаауеит. Ашықәс Ҿыц азы ҷыдала иҳарҧшӡо ақалақьаҿ ахәыҷқәа аныҳәаҵәҟьа рбоит, игәырҕьаҵәа Ашықәс Ҿыц иаҧылоит. Уи азыҳәан аҭагылазаашьақәа зегьы еиқәҳаршәоит», — иҳәеит Каха Калаӡе.

Иара иажәақәа рыла, атәылаҿ аҭынчреи аҿиареи иҟазаауеит, евроинтеграциазы иаҭаху ашьаҿақәа зегьы ҟаҵазаауеит.

«Рыцҳарас иҟалаз, атәыла аҩныҵҟагьы анҭыҵгьы, ҳтәылаҿ аилаҩынтәра аиҿкаара иазҿлымҳау амчқәа иҟоуп. Аха, сара, ҳтәылауаа  ирасҳәар сҭахуп – ҳтәылаҿ аҭынчреи аҿиареи иҟазаауеит, евроинтеграциазы иаҭаху ашьаҿақәа зегьы ҟаҳҵоит», — иҳәеит  Калаӡе.