Жәларбжьаратәи аҳәса рымш инамадагы, Агендендертә аиҟараразы Қырҭтәыла апарламент ахеилак аҳәамҭа аланарҵәеит.
«Ҳхеилак аҿы зҵаара хаданы игылоуп афемициди, амчылареи, заатәи ахаҵацареи рыҿагылареи, аҳәса рекономикатә лшарақәа рырҭбаареи, аҳәса рполитикатә усзура арҭбаареи амуниципалтә агендертә ахеилакқәа рҟны координациеи. Иахьа иаҳԥыхьашәо аиҟарамра аҿагылароуп ҳприоритетқәа иреиу.
Аҳәсеи аӡӷабцәеи рԥеиԥш иазықәԥо зегьы иҭабуп ҳәа раҳҳәар ҳҭахуп.
Агендертә аиҟараразы еснагьтәи ахеилак аԥшьгара ҿыцқәеи аусеицра ҿыци рзы аартуп», — иануп аҳәамҭа аҿы.