Агәабзиарахьчара аминистр лҳәамҭала, Қырҭтәылаҟа иааргоит Адунеизегьтәи агәабзиарахьчара еиҿкаарақәа азхаҵара ззыруз алаҵақәа
Қырҭтәыла Агәабзиарахьчара аминистр Екатерине Тикараӡе лажәақәа рыла, тәылақәак рҟны, урҭ рыбжьара Китаи аҟны, акоронавирус азы алаҵақәа рызҵааразы еилацәажәарақәа мҩаԥысуеит.
Тикараӡе Актәи аканал адырраҭараҿ иҟалҵаз аҳәамҭала, Қырҭтәыла ааргоит Адунеизегьтәи агәабзиарахьчара еиҿкаара иазханаҵо алаҵақәа мацара.
«Аилацәажәарақәа мҩаԥаагоит Китаи аҟны, китаитә алаҵақәа ҩба азхаҵара азыԥшуп. Адунеизегьтәи агәабзиарахьчара еиҿкаара арҭ алаҵақәа равторизациа азыҟанаҵоит, ашәарҭадара ганахьала ари ҳара ҳзы игарантиахоит.
Арҭ алаҵақәа Адунеизегьтәи агәабзиарахьчара еиҿкаара аҟынтә азхаҵара рмоур, урҭ Қырҭтәыла ааҳгом,» – илҳәеит Тикараӡе.