Агәабзиарахьчара аминистр ихаҭыҧуаҩ Гьаргь Цоцколаури инапынҵақәа шьҭеиҵеит
Агәабзиарахьчара аминистр ихаҭыҧуаҩ Гьаргь Цоцколаури инапынҵақәа шьҭеиҵеит

Агәабзиарахьчара аминистр ихаҭыҧуаҩ Гьаргь Цоцколаури инапынҵақәа шьҭеиҵеит. Агәабзиарахьчара аминистрраҿы ари аинформациа шьақәдырҕәҕәеит.  Цоцколаури  иӡбара зыхҟьаз макьана еилкаам. Иара убас, макьана идырым Цоцколаури ицынхәрас ари аҭыҧ аанызкыло.

Ишыжәдыруа ала, Екатерина Тикараӡе агәабзиарахьчара аминистр иҭыҧ аҿы лнапынҵақәа шьҭалҵеит иҳаҩсыз ашықәс ҧхынҷкәын азы, уи лҵынхәрас агәабзиарахьчара аминистрс дҟарҵеит Зураб Азарашвили.