Агәабзиарахьчара аминистр ихаҭыԥуаа Иракли Мхеиӡеи Илиа Ӷудушаурии напынҵақәа шьҭарҵеит
Агәабзиарахьчара аминистр ихаҭыԥуаа Иракли Мхеиӡеи Илиа Ӷудушаурии напынҵақәа шьҭарҵеит

Агәабзиарахьчара аминистр ихаҭыԥуаа Иракли Мхеиӡеи Илиа Ӷудушаурии напынҵақәа шьҭарҵеит.

Ари атәы Актәи аканал ахь Агәабзиарахьчара аминистрра аҟынтә аарыцҳаит.

Аминистр ихаҭыԥуаа рҭыԥ аанызкыло макьана идырым.

Агәабзиарахьчара аминистр инапынҵақәа назыгӡоз Мариам Габуниа еиҭах аминистр актәи ихаҭыԥуаҩ иҭыԥ анылкылоит.

Иахьа аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе Ахҵәацәеи, аџьауси, агәабзиарахьчареи, асоциалтә аиқәыршәареи рзы аминистрраҿы аминистр ҿыц Михаил Сарџьвелаӡе дрыдигалеит.