Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара арегионалтә директор  - Қырҭтәыла ибзиаҵәҟьаны  COVID-19 иақәҿырҭуеит
Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара арегионалтә директор  - Қырҭтәыла ибзиаҵәҟьаны  COVID-19 иақәҿырҭуеит

«Қырҭтәыла, Агәабзиарахьчара аминистррагьы аминистргьы   COVID-19 ибзиаҵәҟьаны ишақәҿырҭуа бзоит», —  иҳәеит Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара арегионалтә директор  Ҳанс Клиуге.

«Ҳара 3 хықәкык ҳамоуп. Актәи  —  акоронавирус азҵааразы агәабзиарахьчара аусзуҩцәеи аиҳабыра ахаҭарнакцәеи аус рыцура, аҩбатәи  — агәабзиарахьчара ареформа шымҩаҧгатәу азы ҳаиқәшаҳаҭхароуп. Аминистр илыдысныҳәалар сҭахуп,  шәтәылаҿы апандемиа шыҟоугьы,  ауниверсалтә гәабзиарахьчара ахархәара аганахьала аусура нашәыгӡоит.  Ахҧатәи ахықәкы  —  Қырҭтәыла иҟоу ҳофис аусура шҳарҕәҕәаша ҳазхәыцроуп. Қырҭтәыла, Агәабзиарахьчара аминистррагьы аминистргьы   COVID-19 ибзиаҵәҟьаны ишақәҿырҭуа бзоит.   Ари апроцесс аганқәа зегьы иалахәып, аҵарадыррагьы, ауаажәларрагьы. Ари алахәызаара даараӡа иҕәҕәан.  Сара амцашоура ахылаҧшра ацентрқәеи, онлаин клиникеи, аковид сасааирҭеи збеит.  Атәылақәа рацәа акоронавирус аҿагыларазы аклиникақәа мацара рхы иадырхәоит, абри ауп проблемас ирымоу.  Ҳара аклиникақәа мацара рыла абри ақәҧараҿы аиааира ҳзыгом.   Ҳара аминистр ҳлацәажәеит, агәыҕра дуқәа ҳамоуп, избанзар  COVID-19 аҽыхьчаратә лаҵа ҭрыжьхьеит. Аҵыхәтәантәи алҵшәа аиуразы хәыҷык аамҭа аҭахуп.  Убри аҟынтә, абри аиасратә аамҭазы Қырҭтәылагьы Европагьы ҳахьчарцаз  астандартқәеи арегулиациақәеи ирықәныҟәатәуп, уи аҵакы ду амоуп.  Анапыӡәӡәареи, асоциалтә дистанциа ахьчареи, асабрадақәа рныҟәгареи ауп сызлацәажәо. Асабрадақәа рныҟәгара шәцәыуадаҩзар, аҩны шәыҟаз», — иҳәеит Ҳанс Клиуге.