Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара – Апандемиа алаҵәара ишаҿугьы, европатәи ашколқәа рҿы аҵаратә процесс нагӡатәуп
Апандемиа аларҵәара ишаҿугьы, Европатәи ашколқәа рҿы аҵаратә процесс нагӡатәуп. Ари аҳәамҭа ҟаиҵеит Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара европатәи абиуро анапхгаҩы Ҳанс Клиуге.
Иара иажәақәа рыла, уажәы Европаҿ COVID-19 ашыкьымҭа иҟоуп, аконтинент аамҭа цәгьа иҭагылоуп.
«Ҳара ашыкьымҭа ҳҭагылоуп. Европа мышқәак рыла даҽа миллионҩык ауааҧсыра авирус ҿыркааит», — иҳәеит Клиуге.
Аха, аамҭакала, иара ишиҳәаз ала, ашколқәа рыркра иахәҭам, избанзар авирус ашколқәа рҿы аларҵәара ишаҿу зыршаҳаҭуа афактқәа иҟам.
«Иахьынӡаҳалшо аҵаратә процесс нагӡатәуп, иазбанзар COVID-19 амшала абиҧара ҳцәыӡыр ҟалом», — иҳәеит Ҳанс Клиуге.
Иара убас, Клиуге ауааҧсыра рахь ааҧхьара ҟаиҵеит асабрадақәа ныҟәыргаларц.
«Асабрадақәа рныҟәгареи асоциалтә дистанциа ахьчареи ала, жәабраннӡа, европатәи аконтинент аҿы 200 000ҩык еиқәҳархар ҳалшоит», — иҳәеит Агәабзарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара европатәи абиуро напхгаҩы.