Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара абжьагарақәа

 

Акоронавирусқәа –  авирусқәа рҭаацәара ауп, урҭ, абжьааҧнытә грипп уҳәа, усҟак ихьанҭам ачымазарақәа рхылҵыр ауеит, иара убас, зыӡбахә ҳәоу авирусқәа рымшала, ауаҩы ачымазара цәгьа –  ареспиратортә симптом хьанҭа изцәырҵыр ауеит.

Акоронавирус ахкҿыц  (COVID-19)  ауаа рыбжьара аларҵәара змоу акоронавирусқәа рштамм ҿыц ауп.  Уаанӡа ауаҩҧсы иҿы ари авирус аарҧшымызт.

Ауаҩы иҟынтәи ауаҩы иахь акоронавирус, бжеиҳарала иасуеит аинфекциа змоу ауаҩы иҟны аимадара ааигәа ашьҭахь.

► Аинфекциа аларҵәара аҽацәыхьчаразы иҟаҵоу абжьагарақәа

> Ареспиратортә инфекциа змоу ауаҩы иҟны аимадара ааигәа аҟынтә аҽаанкылара;

> Лассы-лассы анапқәа рыӡәӡәара;

> Адәахьы акасыш ҿаршәи анапҭырҧақәеи рыда аҧстәқәа рҟны аимадара аҟынтә аҽаанкылара;

> Ареспиратортә инфекциа змоу ауаҩы ила аимҳәара аетикет ахьчара.

>Ареспиратортә инфекциа змоу апациент акасыш ҿаршә иҿазароуп, аҳақьым иахь днеины, иныҟәара аҭоурых изеиҭеиҳәароуп.