Агәабзиарахьчара аминистрра - Ԥхынҷкәын 2 рзы имҩаԥысыз акциа аҟынтә ахәтшәтәырҭахь инаган 26-ҩык, урҭ рыбжьара хҩык азакәанхьчаҩцәа
Қырҭтәыла Агәабзиарахьчара аминистрра аинформациа ала, ԥхынҷкәын 2 рзы имҩаԥысыз акциа аҟынтә ахәтшәтәырҭахь инаган 26-ҩык, урҭ рыбжьара хҩык Аҩнықҟатәи аусқәа рминистрра ахаҭарнакцәа.
Аусҳәарҭа аинформациала, аахақәа зауз ахаҿқәа рыԥсҭа́заара ашәарҭа иҭагылам.
«Ԥхынҷкәын 2 рзы имҩаԥысыз акциа аҟынтә ахәтшәтәырҭахь инаган 23-ҩык атәылауааи, хҩык Аҩнықҟатәи аусқәа рминистрра ахаҭарнакцәа. Аахақәа зауз ахаҿқәа рыԥсҭа́заара ашәарҭа иҭагылам.
Иара убас амедициантә цхыраара рзаарԥшын акциақәа рҿа аахақәа зауз ауааԥсыреи, аихқәа рхаҭарнакцәеи, азакәанхьчаҩцәеи», — иануп Қырҭтәыла Агәабзиарахьчара аминистрра аинформациа аҿы.