Агәабзиарахьчара аминистрра - Ҭырқтәылантә иааганы афармацевтикатә усбарҭақәа ирзыршо апрепаратқәа реиқәыҧхьаӡа иаҳа-иаҳа иҭбаахоит
Ҭырқәтәылантә иаарго ахәшәқәа рахәара ҟалоит аҧтекатә аҳа дуқәа быжьба рҿы. Агәабзиарахьчара аминистрра адыррақәа рыла, ауааҧсыра зыхә мариоу ахәшәқәа аархәар рылшоит аҧтекатә аҳақәа «Фармадепои», «Аверси», «ПСП», «Импекс», «GPC», «Фармасахли» и «Дойче Аптиаки» рҿы.
Иара убас, Агәабзиарахьчара аминистрра аҟынтә ишаарыцҳаз ала, Ҭырқтәылантә иааганы афармацевтикатә усбарҭақәа ирзыршо апрепаратқәа реиқәыҧхьаӡа иаҳа-иаҳа иҭбаахоит. Амедицинатәи афармацевтикатәи усура арегулиациатә агентраҿы ашәҟәы иҭаргалахьеит 213 апрепаратқәа.