Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара Қырҭтәыла ашыӡ ахьыҟам тәылас иазханаҵеит
Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара Қырҭтәыла ашыӡ ахьыҟам тәылас иазханаҵеит

«Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара Қырҭтәыла ашыӡ ахьыҟам тәылас иазханаҵеит», — ирҳәеит Қырҭтәыла Агәабзиарахьчара аминистрраҿы.

Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара европатәи арегионалтә биуро адиректор Ҳанс Клиугер Қырҭтәыла ари астатус аиура адиныҳәалеит.

«Қырҭтәыла адысныҳәалоит. Атәыла ари ақәҿиара аиуит аинвестициа дуқәеи,  агәабзиарахьчара аусзуҩцәа хықәкыла имҩаҧыргаз аусуреи,  ашыӡ афактқәа зегьы иаамҭаны раарҧшреи қәҿиарала рхәышәтәреи абзоурала», — иҳәеит Клиуге.

Агәабзиарахьчара аминистр Михаил Сарџьвелаӡе иҳәамҭала,  Қырҭтәыла ашыӡ ахьыҟам тәылас азхаҵара –  Қырҭтәыла агәабзиарахьчара асистема аҭышәынтәалара азхаҵароуп иаанаго.

2024 шықәса нанҳәазы,  Қырҭтәыла,  ашыӡ ахьыҟам тәылас азхаҵареи Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара асертификат аиуреи азы арзаҳал аланаҵеит.