Афракциа иалам апарламент алахәылацәа аус здырулаз Украина адгыларатә резолиуциа апроект авторцәа идырхынҳәуеит
Апарламент адәныҟатәи аусқәа ркомитет Украина аҭыԥ змоу ахҭысқәа ирызку афракциа иалам апарламент алахәылацәа аус адырулаз Украина адгыларатә резолиуциа апроект иахьа акомитет аҿы иқәдыргылар иҟан, аха апроект авторцәа аилатәарантә рхатә архынҳәра аӡбара рыдыркылан, анапхгараҭаратә партиа хаҭарнакцәа рахь ааԥхьара ҟарҵеит апартиарацәа резолиуциа рыдыркыларц. Ари атәы аарыцҳаит апарламент апрессмаҵзура аҟынтә.
Апарламент алахәыла Михеил Даушвили иҟаиҵаз аҳәамҭала,арезолиуциа апроект иахьа дырхынҳәуеит.
“Иахьа ҳҩыза тәылеи, ҳстратегиатә партниор Украина ахьҳадгыло, Украина мацара адгылара акәӡам, убри ала ҳара Қырҭтәыла амилаҭтә шәарҭадареи, асуверенитети, ахьыԥшымреи, адемократиатә аҿиара ҳадгылоит, Урыстәыла Украина мацара акәымкәа, Қырҭтәылагьы ақәмақаруеит.
Урыстәыла мрагыларатә агарантиақәа азыԥшуп, Урыстәыла аҭахым Қырҭтәылеи Украинеи Нато иалалар, Урыстәыла ҳара иҳмазҵаакуа, ҳара ҳцынхәрас аӡбара адкылара аҭахуп. Абри ала ҳсеверенитети ҳтерриториатә акзаареи ирықәмақаруеит. Ари Украина мацара акәымкәа, Қырҭтәылагьы ашәарҭа ҭаднаргылоит. Қырҭтәыла хымԥада Украина аполитикатә адгылара азаанарԥшыроуп. “Ақырҭуа гәахәтәы” Украина адгылара аарԥшразы афырхаҵара азхап ҳәа ҳгәыӷуеит, ампыҵахалаҩ ампыҵахала дшакәу ҳәатәуп, Украина аполитикатә адгылара азаарԥштәуп”, – иҳәеит Михеил Даушвили.