Ԥхынгәы 18 рзы имҩыԥысран иҟоу изаамҭаным асессиа иадҳәаланы даҽазнык аҳәамҭа аҟаҵара ҳақәшәеит, арадикалтә оппозициаа имҩаԥыргоу асаботаж аҽалаохәра ҳгәы иҭам”, – иануп афракциа “Ақырҭу́а гәахәҭәы” ахантәаҩы Мамука Мдинараӡе Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы иахь ииҩыз ашәҟәы аҿы.
Ашәҟәы аҵаки “Ақырҭуа гәахәтәы” адепутатцәеи рпозициа аихқәа апарламент аҿы имҩаԥгаз абрифинг аҿы рзааирԥшит афракциа “Ақырҭуа гәахәтәы” ахантәаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Гиви Миқанаӡе.
Миқанаӡе иажәақәа рыла, афракциа иалоу 81-ҩык рҟнытә асессиахь аӡәгьы днеиуам.