Ауаҩытәыҩсатә хаҿқәеи, ахазхаҭалатә ааглыхҩцәеи 2021 шықәса ажьырныҳәа 1-нӡа ирықәҵаз ауал, рықәххоит
«Афизикатә хаҿқәа, аиндивидуалтә ааглыхцәа урҭ рыгәҭа, 2021 шықәса ажьырныҳәа 1-нӡа ирықәҵаз ауал, ахырԥаԥса уахь иналаҵаны, ирықәххоит», — иҳәеит Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Кобахиӡе иахьа имҩаԥгаз аиҳабыра реилатәара аҿы.
Кобахиӡе иажәақәа рыла, азакәанпроект адкылара ашьҭахь, 145 000-ҩык афизикатә хаҿқәа 590 миллион лари иаҟароу ауал рықәырхуеит.
«Иацы имҩаԥгаз Аекономикатә хеилак аилатәараҿ афизикатә хаҿқәа ашәахтә рамнистиа иазкы аӡбара ҳадаҳкылеит. Афинансқәа рминистр ари азҵаара аус адуларазы иҭабуп ҳәа иасҳәар сҭахуп. Қырҭтәыла афинанстә уалқәа змоу ауаа рацәаҩуп. Ари амзызла урҭ аекономикатә усзура анагӡара алшара рымам. Убри аҟынтә иҳадаҳкылаз аҿбара инақәыршәаны, афизикатә хаҿқәа, аиндивидуалтә ааглыхцәа урҭ рыгәҭа, 2021 шықәса ажьырныҳәа 1-нӡа ирықәҵаз ауал, ахырԥаԥса уахь иналаҵаны, ирықәххоит.
Азакәанпроект адкылара ашьҭахь, 145 000-ҩык афизикатә хаҿқәа 590 миллион лари иаҟароу ауал рықәырхуеит», — иҳәеит Иракли Кобахиӡе.