Аевангелиатәи уахәама «Аҧсҭазаара ажәа» Қьырса азгәанаҭоит.
Ауахәама апастор еиҳабы Мамука Џьебисашвили ишиҳәаз ала, Аиқәырхаҩ, иара иирала, ауааҧсыра зегьы агәнаҳарақәа рҟынтә аиқәырхара алшара риҭеит.
«Иахьатәи адунеиаҿ ауааҧсыра зегьы агәнаҳарақәеи апроблемақәеи рымоуп. Абри аныҳәа аҵакы ҷыда амоуп ҳәа сгәы иаанагоит — Анцәа, Қьырса ауаҩҧсы исахьала адгьылахь даашьҭны, ари азҵаара иӡбеит», — иҳәеит апастор.
Қарҭ иҟоу аевангелиатәи уахәама «Аҧсҭазаара ажәа» Қьырса аныҳәа ду азгәанаҭоит 1997 шықәса инаркны.