Аекономикатә хеилак аилатараҿы аинвестициатә проект дуқәа ирылацәажәеит
Аекономикатә хеилак аилатараҿы аинвестициатә проект дуқәа ирылацәажәеит

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе инапхгарала, аиҳабыра радминистрациаҿы Аекономикатә хеилак аилатәара мҩаҧган.

Ахеилак алахәылацәа аекономикатә азҳара ахырхарҭала иҟоу иҵоуроу атенденциақәа ирылацәажәан, ишазгәарҭаз ала, ииашоу амакроеконмикатә политика абзоурала, Қырҭтәыла аекономика аҭышәынтәалара ихьчоуп.

Ахеилак алахәылацәа уажәы имҩаҧысуагьы, аплан иарбоугьы апроектқәа ирылацәажәеит, атранспорти алогистикеи ахырхарҭала инарыгӡраны иҟоу апроектқәагьы. Иара убас, аинвестициатә проект дуқәа рахь аинвесторцәа иаадырҧшуа азҿлымҳара иазааҭгылеит.

Иара убас, ахеилак алахәылацәа, аиҳабыра ринициатива ҿыцқәа ирылацәажәеит.