Аекономика аминистрраҿы ишырҳәаз ала, уажәазы иҟоу азҧхьагәаҭа инақәыршәаны, ааҧынразы аинфлиациа алаҟәхара иалагоит,  2022 шықәса анҵәамҭанӡа 3% иаҟароу хықәкылатәи арбага иазыхынҳәуеит
Аекономика аминистрраҿы ишырҳәаз ала, уажәазы иҟоу азҧхьагәаҭа инақәыршәаны, ааҧынразы аинфлиациа алаҟәхара иалагоит,  2022 шықәса анҵәамҭанӡа 3% иаҟароу хықәкылатәи арбага иазыхынҳәуеит

2022 шықәса ажьырныҳәазы  Қырҭтәыла аинфлиациа  1,1 наӡына иаҟаран, шықәсыктәи аинфлиациа арбага  – 13,9 наӡына.

«Инфляция — аглобалтә проблемоуп,  адунеи атәылақәа зегьы рҿы аинфлиациа арбага зеиҧшҟамлац ала идууп.  Хықәкылатәи аҩаӡара аасҭа иаҳа иҳаракны аинфлиациа аанкыларазы аҵакы ду амоуп жәларбжьаратәи аџьармыкьаҿы анефҭи анефҭаалыҵи рыхәқәа рыцлара», — иҳәеит аекономика аминистрраҿы иҟоу Аекономикатә анализи ареформақәеи рзы адепартамент анапхгаҩы Вахтанг Цинцаӡе.

Иара иажәақәа рыла,  «уажәтәи шықәсыктәи аинфлиациа усҟак иҳаракым.  2011 шықәсазы 14,3 наӡына аинфлиациа иҟан».

Вахтанга Цинцадзе иажәақәа рыла, уажәазы иҟоу азҧхьагәаҭа инақәыршәаны, ааҧынразы аинфлиациа алаҟәхара иалагоит,  2022 шықәса анҵәамҭанӡа 3% иаҟароу хықәкылатәи арбага иазыхынҳәуеит .