Аекономика аминистрра  - Қырҭтәыла аҳаиртә қәыҧшылара  2008 шықәса инаркны урыстәылатәи арратә ҳаирпланқәа рзы иаркуп
Аекономика аминистрра  - Қырҭтәыла аҳаиртә қәыҧшылара  2008 шықәса инаркны урыстәылатәи арратә ҳаирпланқәа рзы иаркуп

Урыстәыла аҳаиртә мчқәа рҳаирпланқәа Қырҭтәыла аҳаиртә қәыҧшылара иаламлеит, — иануп Қырҭтәыла аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи рзы аминистрра аҳәамҭаҿы.

Аусбарҭаҿы ишазгәарҭаз ала, Қырҭтәыла аҳаиртә қәыҧшылара  2008 шықәса инаркны урыстәылатәи арратә ҳаирпланқәа рзы иаркуп,  Аҷыда ҭагылазаашьақәа рзы амаҵзура  аҳаирплан арратә азкызаара амам.

«Ателееилахәыра  «Мҭавари Архи» иахьа иааланарҵәаз аинформациа ҳазааҭгылар ҳҭахуп. Аларҵәара зауз аинформациа инақәыршәаны, урыстәылатәи арратә ҳаирплан Москвантә Ереванҟа иҧыруан Қырҭтәыла аҳаиртә қәыҧшылара иалсны.

Раҧхьа иргыланы,  иазгәаҭатәуп зыӡбахәы ҳәоу ателееилахәыра ҭакҧхықәрада,  ишәарҭоу аинформациа аларҵәара ишаҿу.  «Мҭавари архи» ажурналистцәа цқьа игәаҭам,  дара рхыҵхырҭақәа мацара рҟынтә ироуа аинформациа аладырҵәоит,  Қырҭтәыла аиҳабыра ирҿагыланы акампаниа мҩаҧыргоит. Ҳтәыла ашәарҭадара иаҧырхагоу аҳәамаҭақәа ҟарҵоит.

Иаҵшьны иазгәаҳҭар ҳҭахуп Урыстәыла аҳаиртә мчқәа рҳаирпланқәа Қырҭтәыла аҳаиртә қәыҧшылара  ишаламлаз   —  Қырҭтәыла ажәҩан ахы анархәит Урыстәыла Аҷыда ҭагылазаашьақәа рзы амаҵзура аҳаирплан  Ил-76. Уи абжьааҧнытә атәылауаҩратә реисын,  уи анагӡаразы Қырҭтәыла аҟынтә азин ҷыда аҭахым,  — ареис анагӡаразы авиаеилахәыра аҧырра аелектронтә план мацара ханарҭәаауеит, анеҩс, Бриуссельҟа, аҳаиртә потокқәа рхылаҧшра ацентр аштаб-уада  EUROCONTROL ашҟа идәықәырҵоит, уаҟа аҧырра аплан азеиҧш база иҭарыҩуеит.

Қырҭтәыла аҳаиртә қәыҧшылара  2008 шықәса инаркны урыстәылатәи арратә ҳаирпланқәа рзы иаркуп.  Аҷыда ҭагылазаашьақәа рзы амаҵзура аҳаирплан арратә азкызаара амам», — иануп аҳәамҭаҿы.